Арадио

Шәача аҟазаратә фестиваль иалахәын Аԥсны ахаҭарнакцәа: акультуратә еимадара алҵшәа

Sputnik
Шәача арҭ амшқәа рзы имҩаԥысуеит аӡынтәи асезон акультуратә хҭыс хада - амаестро Иури Башмет инапхгарала ХIХ-тәи жәларбжьаратәи аҟазаратә фестиваль. Уи еиднакылоит амузыкантцәа, артистцәа нагақәа, апрофессионалтә еилазаара ахаҭарнакцәа. Ари афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны акультуратә усбарҭакәа рнапхгаҩцәа алархәны ХI-тәи жәларбжьаратәи аконференциа мҩаԥган. Уи иалахәын Аԥсны аҳәынҭқарратә филармониеи Аҳәынҭқарратә камертә оркестри рнапхгара. Урыстәылеи Аԥсни ркультуратә еимадарақәа хаҳарас ирылоу, аиԥш-зеиԥшу афестиваль аусеицуразы ҭагылзаашьақәас иаԥнаҵо атәы далацәажәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асахьаркыратә напхгаҩы Есма Џьниаԥҳа.
Шәазыӡырҩы аудиофаил хыхь.