Арадио

Аҽыбӷаҟазацәа рспорттә театртә шоу: Кәтол апроект аԥшьгоуп

Sputnik
Аԥсны мрагыларатәи ахәҭаҿы атуризм аларҵәаразы иамоу алшарақәа азгәаҭаны, маҷ-маҷ аԥсшьаҩцәа аднаԥхьалоит. Аԥсабара аԥшӡара анаҩсангьы, иаҳҭаауа асасцәа ҳанхашьа-ҳабзазашьа деилыркааразы ақыҭақәа рҿы азҿлымҳара зуҭаша апроектқәа ыҟоуп. Иаагозар, Кәтол аҽыбӷаҟазацәа рспорттә театртә шоу сынтәа аԥҵара хықәкыс ирымоуп. Уи аҩыза ахшыҩҵак шцәырҵыз, анагӡаразы иабанӡеиқәшәоу кәтолаа, аҽыбӷаҟазара аиҿкаара аусқәа ирылахәу Џьон Табаӷәуа арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит.
Шәазыӡырҩы аицәажәара аудиофаил аҿы хыхь.