Арадио

Акреативтә економика. Хәарҭас иалои? Ишԥарҿиатәу ҳтәылаҟны?

Sputnik
Аинтеллектуалтә усхк, адыррақәа рылҵшәа аҭира шьаҭас иамоуп аекономика иҷыдоу ахәҭа - акреативтә мамзаргьы адыррақәа рекономика ҳәа изышьҭоу. Уи аҟны атрадициатә економика инаҷыданы азхьаԥшра рзыруеит аҿыц лагалақәа, аҟазареи адыррақәеи. Аԥсны азы акреативтә економика актуалра аҵоуп, избанзар иҳамоуп иуникалтәу аԥсабара, ибеиоу акультуратә ҭынха, абаҩхатәра злоу ауаа. Акреативтә економика иахәҭа хадоуп арҿиаратә аԥшьгарақәа адгылара рыҭара, аҵарадырра аинвестициақәа ралагалара, аҿар рбаҩхатәра аарԥшразы алшарақәа раԥҵара. Уажәаԥхьа арҭ ахырхарҭақәа гәыгәҭажьны иҟазма, мамзаргьы шьҭа активла рырҿиара зеиԥшрахои? Аефир аҿы акреативтә економика иалацәажәеит апродиусер, амузыкант, анеирокреатор Анри Гәымбеи амузыкатә леибл "Назареҭ" апродиусер, аклипмеикер Алхас Џьапуеи.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.