Адырраҭара "Ақыҭа-нхарҭа ҭыԥуп" аҿы Гәдоуҭа араион Анхәа инхо Дмитри Агәмаа еиҭеиҳәеит инапы злаку, иҭаацәа ақыҭаҟны рхы зланыҟәырго.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.