Ауаатәыҩса ргәабзиара анырра азҭоу ируакуп рыфатә. Ҳаамҭазы ахархәаҩ иҭахрақәеи аџьармыкьаҿы идыргало аалыҵи рацәоуп. Аха убри аан аалыҵ ахаҭабзиара хылаԥшрас иамои, агәаҭарақәа раан еиҳарак еилагарақәас иаадырԥшуеи, аахәаҩцәа рҟынтә ашшыԥхьыӡқәа роума изыхәҭоу аусбарҭақәа, убри аан ахархәаҩ изинқәа реилагаразы иарбан хараԥсақәоу ирзарбоу? Арҭқәа ртәы еиҭарҳәеит Астандартқәеи ахылаԥшреи рҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Инал Лагәлааи Аҟәа асанитартә-епидемиологиатә станица аҳақьым хада Лаша Зарандиеи.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.