Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахьцо аҭыԥаҿы ҳашықәсԥхьаӡара ҟалаанӡа I - IV ашәышықәса ирыҵанакуа римтәи абаашқәа ԥшьба ахьгылаз аҭыԥ аҭҵаара ахьынӡанаргахьоу, ирԥыхьашәаз аԥшаахқәа, насгьы ирзалху аҽҳәара ирызҭагӡома, мызкала аусурақәа рызхыркәшома, аволнтиорцәа рыцхраарц азы рааԥхьара иалҵшәахаз атәы еиҭеиҳәеит Аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы аусбарҭа аспециалист хада Шандор Ҟаитан.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.