Арадио

Ашколхәыҷқәа аррамаҵзура аҟынӡатәи ашәҟәы рҭагалара цоит: аус шеиҿкаау ҳалацәажәоит

Sputnik
14 шықәса зхыҵхьоу ашколхәыҷқәа арԥарцәа аррамаҵзура аҟынӡатәи ашәҟәы рҭагалара мҩаԥысуеит Аԥсны. Иахьазы шаҟаҩык ықәыргылада арратә ҭаҩрахь, ишԥеиҿкаау амедицинатә гәаҭарақәа, шаҟаҩык аҳақьымцәа алахәыда урҭ ргәабзиара аилкаараз, абри атәы Ареспублика арратә комиссар хада ихаҭыԥуаҩ Русҭам Ҵәыџьба арадиоефир аҿы еиҭеиҳәеит.
Шәазыӡырҩы аудио.