Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси русеицзура иабзоураны иит «Аҭацаагара» захьӡу апроект ҿыц. Иара хықәкыс иамоуп аҭаца лаагара иадҳәалоу ақьабзқәа хәҭа-хәҭала раарԥшра, реиҭаҳәара имариоу бызшәала реиҭаҳәара, ҳаамҭа иақәшәо ахәаԥшҩы изнагара. Ацҵара азгәаҭоума, анаҩс ишьҭыххо атемақәа арбанхо, насгьы хықәкы хадас иамоузеи ари апроект? Азҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс апроектқәа рҳәаақәҵаҩ Дмитри Жьиба.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.