Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа ирыцхраауа агәыҳалалратә фонд "Акзаара" миллионбжак азоуижьуеит. Иззырхахозеи арҭ аԥарақәа, насгьы изызхоу? Иахьазы ашәҟәы иҭагалоуп 3090-ҩык ихәыҷаахыс инвалидцәоу, урҭ рҟынтәи 718-ҩык 16 шықәса рхымҵыцт. Дара рзы иабанӡацхыраагӡахо ас еиԥш иҟоу адгылара, афонд аусушьа шԥеиҿкаау, насгьы ацхыраара аҟаҵараҿы аԥыжәара зырҭо дарбану? Афонд аиҳабы лыцхырааҩ Ҭемыр Ҷанба азҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.