Таиф Шьаадаҭ-иԥа Аџьба — ари ахьӡ иҷыдоу доуҳак ацуп аԥсуаа ҳзы. Аҵаулара, аҟәышра, ажәа азҟазара, аҵак ҷыда, арҭқәа апоет ихьӡ иасинонимқәоуп уҳәар ауеит. Иԥсы ҭаны дҳалагылазҭгьы сынтәа ихыҵуазаарын 87 шықәса. Апоет ииарамш аҽны С. Чанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҿы еиҭаддырбоит имшынҵатә ҩымҭа "Ԥшӡала иаҳзырша" иалху ақәыргыламҭа. Уи режиссиорс иамоу Мадина Аргәынԥҳаи аинсценировка автор Елеонора Коӷониаԥҳаи астудиаҿы Таиф Аџьба ирҿиаратә мҩеи иҭынхеи ирылацәажәеит, убасгьы атеатр апланқәагьы ирзааҭгылеит.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.