Ақыҭанхамҩа аҿиара апрограммала апроектқәа еиҳаны иалазҵо аԥыжәара аанызкыло Очамчыра араион акәны иалкаауп 2025 шықәсқәа рзы. Иҳаҩсыз ашықәс азы анхацәа иаларҵаз апроектқәа рахьынтә ақәшаҳаҭра рыҭан 160 проект инарзынаԥшуа. Ари ашықәс азы иаларҵахьаз ракәзар иабанӡарацәоу, насгьы иарбан хырхарҭоу абжьыуаа рынхацәа еиҳа иалыркаауа, иззыхандеиуа, уи инаҿырԥшны лҵшәақәас ирымои уаанӡатәи апроектқәа, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит Очамчыра араион ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Ҭенгиз Какәыбаа.
Шәазыӡырҩы аудио.