62 шықәса раԥхьа, хәажәкыра 17, 1964 шықәсазы Аҟәа иаатит Асахьатә галереиа. Уи аԥҵаразы Аԥснытәи АССР Аминистрцәа рхеилак бжьымз аԥхьа - нанҳәамза 20, 1963 шықәса рзы аӡбамҭа аднакылахьан. Агалереиа аартраҟны илагала дуун аҟазара ахә ҳаракны изшьоз, аҟәатәи аҳақьым Езекиель Фишков. Иара агалереиа ҳамҭас иаиҭаз иҩны ахәҭаки 60 сахьеи ирыбзоураны Аԥсны аҟазаратә традициа ҿыц шьақәгылеит уҳәар ҟалоит. Иабанӡахадаз уи аамҭазы ари аӡбамҭа, акультуратә трагедиа ашьҭахь иахьа иаԥсҭазаашьои агалереиа? Арҭқәа дрылацәажәеит Амилаҭтә сахьатә галереиа аиҳабы Сурам Сақаниа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.