Арадио

Адемографиеи арепатриациеи: адепутати зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара иаази ргәаанагара

Sputnik
Аԥсны Ауаажәларратә палата еиҿнакааз Аграждантә форум алахәылацәа 2036 шықәсанӡа адемографиатә ҿиараз Амилаҭтә программа аус адулареи ашьақәырӷәӷәареи мҩаԥгазарц ажәалагалақәа ҟарҵеит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿ иҟоуп арепатриациазы аҳәынҭқарратә программа аԥҵара, ҳдиаспореи ҳауаажәларри реимадарақәа еиҳагьы рырӷәӷәара, ҳдиаспора ахаҭарнакцәа атәылауаҩшәҟәқәа роура аус армариара уҳәа азҵаатәқәа. Арепатриациа тема анаҳҳәо иарбану еиҳа изызхьаԥштәу, ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь игьежьларц азы иҟаҵатәу ашьаҿақәа зеиԥшрои, араҟа уадаҩрақәас изыниои, насгьы ҳзакәанқәа дабанӡаҳәаақәырҵо арепатриант? Абарҭи егьырҭ азҵаарақәеи ган рацәала рызнеиразы аефирахь иааԥхьан Аԥсны Жәлар реизара адепутат Асҭамыр Џьопуеи, шықәсқәак раԥхьа зыԥсадгьыл ахь игьежьыз, Енгьын Ебжьноуи.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.