"Аԥсны амедиа ҿыцқәа" аԥшьбатәи ахыркәшаратә модуль мҩаԥысуеит Москва. Апроект иалахәуп 50-ҩык амедиаспециалистцәа, аблогерцәа, АИХ-қәа рхаҭарнакцәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Sputnik Аԥсны аусзуҩцәагьы. Аҵыхәтәантәи амодуль аҿы уи алахәылацәа рмедиапроектқәа аекспертцәа рҿаԥхьа ирыхьчоит. Зпроектқәа зыхьчо рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп Гагратәи ателехәаԥшра ажурналист Саида Жьиԥҳа. Лара еиҭалҳәеит аԥшьбатәи амодуль шеиҿкаау.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.