Аҵарадырра, акультура, асоциалтә цхыраара абарҭ ахырхарҭақәа роуп ахшыҩзышьҭра зырҭо аиҿкаара ҿыц "Аԥсны агәы" аԥшьгаҩцәа русура аҟны. Уи аԥҵаҩы, анапхгаҩы Мактина Џьынџьалԥҳа лажәақәа рыла, аиҿкаара хықәкыс иамоуп ареспублика ауааԥсыра рыцхраара иазку еиуеиԥшым апроектқәа рынагӡара. Иарбан проектқәоу зыӡбахә ҳәоу, урҭ рымҩаԥгара шԥазгәаҭоу, насгьы иарбан аԥшьгара ҿыцқәоу иҳаднагало аиҿкаара "Аԥсны агәы", еиҭалҳәеит уи анапхгаҩы Мактина Џьынџьалԥҳа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.