Аҟәа еиҭашьақәдыргыло аԥшаҳәаҿы археологиатә ԥшаарақәа рымҩаԥгара азҵаара иазкны апарламенттә зыӡырҩрақәа мҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба ихантәаҩрала. Уи иалахәын адепутатцәа, Аҟәа ақалақь ахадара ахаҭарнакцәа, археологцәа. Аиԥылараҟны иқәгылаз азҵаарақәа еиҳа инарҭбааны ҳрылацәажәарц ҳаҽимаадеит Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Аркади Џьопуа
Шәазыӡырҩы аудиофаил хыхь.