Арадио

Кәтол ахадара ахыбра аиҭашьақәыргылара ашьҭахь иаартхоит

Sputnik
Хәажәкыра 20 рзы Кәтол ақыҭан иаартхоит аремонт ззыҟаҵоу администрациа ахыбра иара убасгьы еиҭашьақәыргылоуп жәаҩыла ашәҟәыҩҩцәа, аинтеллигенциа ахаҭарнакцәа зылгахьоу Иуа Коӷониа ихьӡ зху Кәтолтәи абжьаратә школ ахыбра адәахьтәи аҭыӡқәа. Иарбан усурақәоу имҩаԥгатәны иҟаз, иахьазы иҟаҵоузеи урҭ ахыбрақәа иҿыцу ԥсҭазаарак рыҭаразы, шаҟа аамҭа аҭаххаз, ахарџьқәа? Кәтол ақыҭа ахада Алиас Гәаланӡиа азҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.