Ари адунеи аанзыжьыз, апоет, академик Владимир Занҭариа арҿиара аус мацараҿ акәым, ауаажәларратә ԥсҭазаараҿы ишьаҭа ӷәӷәа аниҵеит 73 шықәса ирҭагӡаны. Аԥсуа бызшәа, апоезиа, ажурналистика, афилософиа, ауаажәларратә -политикатә ԥсҭазаара уҳәа, ганрацәала абаҩхатәра ззаарԥшуаз апоет, академик хәажәкыра 24 рзы аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргоит. Иара иусушьа ашьхыц еиԥшныршьалон, ааԥсарак имамкәан дыззыхандеиуаз азҵаарақәа рацәан. Дзеиԥшы ҵарауаҩыз Владимир Константин -иԥа, ишԥазаанижьи ихьӡ арҿиареи ауаажәларратә ԥсҭазаареи. Арадио Sputnik астудиаҿы - аҵарауаҩ, Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба.
Шәазыӡырҩы аинтервиу.
Владимир Занҭариа -Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа ахантәаҩы, иналукааша аԥсуа интеллигенциа рхаҭарнак. Апоет, апублицист, алитератураҭҵааҩ, аиҭагаҩ, акритик, ажурналист, ауаажәларра-политикатә усзуҩ, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, Ахьӡ-Аԥша аорден III, II аҩаӡарақәа занашьоу, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат, академик.