Арадио

Афон ҿыци Пицундеи рхатә биуџьетқәа роур алшоит: аҭыԥантәи адепутат ихҳәаа

Sputnik
Араионқәа ирыду Афон ҿыци Пицундеи рхатә биуџьетқәа роур алшоит. Аԥсны ахада Бадра Гәынба арҭ ақалақьқәа рбиуџьет ашьақәгылашьа азҵаара аиӷьтәра иазкны аилатәара мҩаԥигеит. Атәыла ахада Пицундеи Афон ҿыци аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәеи аҳәынҭқарратә напхгараҭаратә усбарҭақәеи рыстатус аиӷьтәра иазырхоу ажәалагала ҟаиҵеит. Иабанӡахәарҭоу ақалақьқәа рзы ас еиԥш азнеишьа, иарбан лшарақәоу ирзаанартуа? Гагратәи араионтә еизара адепутат, Пицундатәи аизара ԥасатәи адепутат Алхас Ӡкәиа азҵаара далацәажәеит.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.