Ақыҭа школқәа рҿы арҵаҩцәа адгылара рыҭара иазку азҵаарақәа ирылацәажәеит Аминистрцәа Реилазаараҿы. Уаҟа ирыхәаԥшын убасгьы аҳәынҭқарра ахада идҵақәа рынагӡара азҵаарақәа ахьынӡанагоу. Аилацәажәараан иазааҭгылеит ақыҭа школқәа рҿы аҵарадырра ахаҭабзиара аизырҳареи арҵаҩцәа ҿарацәеи аԥышәа змоу арҵаҩцәеи агәацԥыҳәара рыҭара иазырхоу аҳәынҭқарратә ахықәкытә программа "Ақыҭа арҵаҩы" аус адулара ахьынӡанагоуи. Баслахәтәи абжьаратә школ адиректор, аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩы Асида Ԥачлиаԥҳа еиҭалҳәеит ақыҭа арҵаҩцәа адгылара рыҭара ахьынӡахадоу рус ргәы азҭаҵаразы, рышкол аҟны аҭагылазаашьа зеиԥшроу арҵаҩцәа ҿарацәа рганахьала.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.