Атеатртә ҟазара иадҳәалоу рзанааҭтә ныҳәоуп Хәажәкыра 27. Адунеизегьтәи атеатрқәа рымш мҩаԥысуеит ажәларқәа рыбжьара аилибакаареи аҭынчра арӷәӷәареи адевиз ала. Ишԥаҿиои ҳаамҭазы Аԥсны атеатрқәа, рыԥсҭазаашьа зеиԥшроузеи, актиор изанааҭ шаҟа аџьабаа ацу, иарбан лшарақәоу изаанартуа, ахәаԥшцәа разҿлымҳара, рыбзиабара ахьынӡахадоу арҿиаратә гәацԥыҳәара аизырҳараҟны? Арҭқәа ирылацәажәеит Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр актиор, арежиссиор Џьамбул Жорданиеи Аԥсуа Ҳәынҭқарратә Аҿар ртеатр актиор Вадим Абыхәбеи.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.