Ҭырқәтәыла ақалақь Диузџье ауниверситетқәа руак аҟны аԥсуа бызшәеи алитературеи рыҟәша астудентцәа рзы иҭыжьуп арҵагатә цхыраагӡақәа. Апроект алыршахеит Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы ацхыраарала. Ашәҟәқәа рҭыжьра шыҟалаз, насгьы аԥсуа бызшәа аҵара абанӡарзыманшәалоу уаатәи астудентцәа, насгьы аҟәшаҿы аҵара зҵо ҳџьынџьуаа рхылҵшьҭрақәа рымацара роума, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит, ашәҟәы аиқәыршәаҩцәа ируаӡәку абызшәаҭҵааҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Ева Ҭаниаԥҳа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.