Жәларбжьаратәи аекономикатә форум "Аԥсны – ԥхьаҟатәи аинвестициақәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгахоит Аԥсны акреативтә економика аҿиара атемала астол гьежь. Изакәзеи акреативтә индустриа, атәыла аекономика аҿиараҟны уи алагала, иарбан лшарақәоу уи азы Аԥсны иамоу. Абарҭқәа дрылацәажәоит Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.