Очамчыра имҩаԥысит Аԥсны абизнес ахаҭарнакцәеи, асасааирҭа маҷқәа зхатәтәуи, урыстәылатәи атурагентцәа рхаҭарнакцәеи русутә еиԥылара. Уи хықәкыс иаман атәыла алшарақәа рылацәажәареи реизааигәатәреи аҽазышәара, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны асасааирҭақәеи, ари аусхк аҟны абизнес маҷи, Урыстәыла атурагентцәеи рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳатрақәа разгәаҭара. Ари афорум иарбан интересу ицәырнагаз урыстәылатәи абизнесуаа рыбжьара, иарбан еиқәшаҳаҭрақәоу атуризм ахырхарҭала аҿиара алзыршаша ҳәа иазгәаҭоу, еиҭеиҳәеит аиԥылара иалахәыз Амилаҭтә атуристтә еилахәра аиҳабы Руслан Кокосқьериа.
Шәазыӡырҩы аицәажәара.