Аԥсны жәлар рартист, "Ахьӡ- аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Шьалуа Гыцба диижьҭеи иҵит 90 шықәса. Шьалуа Ҷыф – иԥа даныхәыҷыз инаркны иҭахын аруаҩ изанааҭ иоурц, аха иԥсҭазаара Аԥсуа театр иадиҳәалеит. Араҟа иара инапахьы иааигеит аполковники аинрали рчынқәа. Актиор, арежиссиор ароль хадақәа иакымкәан инаигӡахьан, иқәиргылахьан аспектакльқәа, акинофильмқәа рҿы иҽҭиххьан, инапы алакын актиорцәа ҿарацәа реиҵааӡара. Иара иааԥсара зду Аҿартә аҳәынҭқарратә театр ргәалашәараҿы дшаанхаз еиҭеиҳәеит атеатр аиҳабы Аслан Еныкь.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.