"Аԥсны — ԥхьаҟатәи аинвестициақәа"

Нанба еиҭеиҳәеит аинвесторцәа рзинқәа рыхьчара шхымԥадоу

Sputnik
Аԥсны аҳәынҭқарразы ихадоу зҵаароуп — аинвестор изинқәа рыхьчара иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба.
"Азин аус ауроуп, уск еиҿызкаар зҭаху игәы ҭынчзароуп, азакәан дшахьчо идыруазароуп. Аиашазы, азҵаарақәа рацәоуп, агхақәа ахьыҟоу рыриашара ҳгәы иҭоуп", — азгәеиҭеит иара.
Жәларбжьаратәи афорум "Аԥсны — ԥхьаҟатәи аинвестициақәа" мҩаԥысуеит мшаԥы 3-4 рзы. Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны астудиа аус ауеит Жәларбжьаратәи аекономикатә форум "Аԥсны — ԥхьаҟатәи аинвестициақәа" аҟны.