Аԥсны имҩаԥысуаз афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны иалацәжәеит актуалра зцу, аперспектива змоу апроект - аԥаҭлыкақәа ирҭоу аӡы аҭыжьреи уи аекспорти. Аглобализациа аан зхаҭабзиара ҳараку аӡыржәтә аҭахра анеизҳауа аамҭазы, еиҳа-еиҳа атәылақәа азхьаԥшра арҭоит жәларбжьаратәи аџьармыкьақәа рырҭбаара алыршара. Ас еиԥш иҟоу аҭахрақәа ҳрзыхиазароуп ҳаргьы. Изеиԥшрои ҳалшарақәа, аекономикатә дунеи ду иадаҳгаларц иҳалшо арбану? Афорум аихшьаалақәеи, аусеицура акәамаҵамақәеи, аԥхьаҟатәи агәҭакқәеи дрылацәажәеит "Глобал С.А" адиректор хада Алхас Қаџьаиа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.