Аԥсны

Ҭыжәба Жәларбжьаратәи аекономикатә форум ахәшьара аҭо уи алшарақәа ртәы дазааҭгылеит

Sputnik
Ақыҭанхамҩа, атуризм, алогистика — афорум аҿы еиҳа азхьаԥшра змаз ахырхарҭақәа лшарақәас иаанртуа атәы арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит анаплакҩы Генрих Ҭыжәба.
Афорум аҿы анапы зҵаҩу аиқәшаҳаҭра Аԥсны ақыҭанхамҩа аҭҵааразы ихымԥадатәиу акәамаҵамарақәа зегьы азԥхьагәанаҭоит, иаанхаз аус арура ауп ҳәа азгәаиҭеит иара.
Иҳәеит аинвестициатә программала адгылара зауа апроектқәа алҵшәабзиа роуразы — аҳәынҭқарра аганахьала ахылаԥшра бзиагьы шырҭаху.
Шәахәаԥш авидеонҵамҭа.