Очамчыра араион ахадара арыцҳара иақәшәаз Даӷьсҭан агуманитартә цхыраара рзырышьҭит, ишеиҿыркааз, насгьы ақалақь аҩныҵҟеи ҩ - қыҭак рҿы амҩақәа реиӷьтәразы ицо аусурақәа ахьынӡанагоу, ақалақь иалало арахә ракәзар, ҩаԥхьа агәҽанҵара ҟаҵоуп, убри аан аӡбамҭа џьбарахоит ҳәа азгәаҭоуп. Абарҭқәа ҳрылцәажәаразы ҳаҽимаадеит Очамчыра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Артемон Габелаиа.
Шәазыӡырҩы аудиофаил хыхь.