Чачхадыл аԥсуа ҩнаҭқәа рҿы ишазнеиуа: аԥшәмаԥҳәыс лцәажәара

Sputnik
49 мшы ицо Амшаԥтәи ачгара аҵыхәтәантәи аԥшьаша Чачхадыл (Чхадыл) ҳәа иашьҭоуп. Ари амш аҽны ақьырсиантә дин ныҟәызго аԥсуаа ҩнаҭацԥхьаӡа ачгьахьа чыс ала аишәа дыргылоит. Ажәытәан аԥсы ихәы ҷыдала иазнеиуан. Аҳәсацәа рҽазыршәон хкы рацәала ачгьахьа иатәу афатә армазеира. Насгьы ари амш азы ажәла карыԥсон. Иахьа абарҭ акьырсиантә қьабызқәа ирыцныҟәо ишԥаԥыло Аԥшьаша Ду Амш? Ҳаимадараҿы дыҟоуп Мгәыӡырхәа ақыҭан Чачхадыл иатәу ачгьахьа аишәа есышықәса ибжьазмыжьуа аҭаацәара аԥшәма ԥҳәыс Мартина Қардиа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.