Тҟәарчал Аԥсны индустриалтә центрк аҳасабала еиҿкаан мшаԥы 9 1942 шықәсазы.
Ақалақь иуникалтәу ҭыԥуп, иаакәыршаны ашьхақәа шьҭоуп, мҩа хадас иҟоу акоуп - ақалақь алаларҭеи алҵырҭеи. Тҟәарчал архитектурагьы аинтерес аҵоуп. Административтәи ауаажәларратәи ргыларақәа рыпроектқәа ҟазҵоз анемец архитекторцәеи анџьнырцәеи ракәын. Убри азоуп ари ақалақь егьырҭ Асовет еидгыла ақалақьқәа изреиԥшым.
1992-1993 шықәсқәа рзы ақалақь иахнагеит 413 мшы ицоз аблокада хьанҭа. Аблокадеи ақырҭуа ар иаларыжьуаз арҭҟәацрақәеи ирыхҟьаны иҭахеит, аахақәа роуит шәҩыла аҭынч уааԥсыра.
Цәыббрамза 27, 2008 шықәсазы Аԥсны ахада Сергеи Багаԥшь инапы зҵаиҩыз ақәҵарала Тҟәарчал "Ақалақь–фырхаҵа" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ахҵоуп.