Арадио

Аҳаԥшьа Амшаԥныҳәа лаша аҽны аартра иазкны: аԥшәмаԥҳәыс лцәажәара

Sputnik
Амшаԥы азқьышықәсақәа ахыҵуеит, гәырӷьа дууп, ныҳәа ԥшӡоуп. Ари аҽны наџьнатә аахыс "Ҽаанбзиала!" ҳәа еибырҳәоит (ашықәс ҿыц ааира иадыркылон ажәытәан), еиҭанеиааиуеит, еибабоит. Ҭоурыхла ауаа рыбзазашьа аҽшаԥсахуаз еиԥш Мшаԥныҳәа азгәаҭарагьы аҽеиҭанакуан, аха агәыцә еибгоуп, иахьа уажәраанӡа иааит. Убарҭ иреиуоуп, амшаԥҳаԥшьа аартра, амшаԥыӡыс ашьра уҳәа. Ус еиԥш ақьабызқәа мырӡкәа иаазго иреиуоуп Аҷандара инхо Чхьебелиаа рҭаацәара. Аԥшәмаԥҳәыс Асида Матуа - Чхьебелиа еиҭалҳәеит рыҩнаҭаҟны аныҳәа шазгәарҭо.
Шәазыӡырҩы аудио.