Арадио

Гәабзиарала зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа ирзаԥҵеи ҭагылазаашьас? Ҳалацәажәоит

Sputnik
Згәабзиаратә лшарақәа ԥку ахәыҷқәа ҳаамҭазы ирзаԥҵоу алшарақәеи, есҽнытәи рыԥсҭазаара аиҿкаара иацу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Ари акатегориа иаҵанакуа ахәыҷқәа иахьазы иақәнагоу ахылаԥшра роурц азы иҟаҵатәуи, згәабзиара ԥку ахәыҷы изы аҭакԥхықәра здыло аҭаацәа мацара ракәу аҳәынҭқарра аганахьалагьы цхыраарак азԥхьагәаҭоу? Астудиа иасасцәан Цандрыԥшьтәи ареабилитациатә центр "Мы вместе" аспециалист Есма Рекәааԥҳаи ацентр иаҭаауа згәабзиаратә лшарақәа ԥку ахәыҷқәа рҭаацәа рхаҭарнак Асҭанда Цыкәтаниаԥҳаи.
Шәазыӡырҩы аудиофаил.