Атәыла ахада иҭижьыз аусԥҟа инақәыршәаны асахьаркыратә ҟазара арҿиареи, изанааҭ дырра ҳараки, еиҵагыло аҿар рааӡараҿы илагала дуи рзы "Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп Нугзар Логәуа. Иааиуа амчыбжь азы акәзар, Жәлар рсахьаҭыхҩы иқәраныҳәа азгәеиҭоит Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы иаартхо иусумҭақәа рцәыргақәҵала. Аҟаза ирҿиаратә мҩа алҵшәақәа зыбзоуроузеи, изеиԥшроузеи ҳаамҭазтәи аԥсуа ҟазара, насгьы ԥхьаҟа рҿиаратә гәҭакқәас, хыдҵақәас изықәгылоузеи, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит Жәлар рсахьаҭыхҩы ихаҭа.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.