Жәларбжьаратәи аҭоурыхтә баҟақәа рыхьчара амш азгәарҭоит мшаԥымза 18 рзы. Ҳтәыла ибеиоуп урҭ абаҟақәа рыла. 2015 шықәсазы ишьақәыргылахаз асиаҿы иарбан 1535 баҟа. Иахьатәи аамҭазы иԥшааума ари асиа хазырҭәаахьоу абаҟақәа, ирҭагылазаашьоузеи, иабанӡахьчо, иарбан хылаԥшроу ирымоу, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы Аҳәынҭусбарҭа аспециалист хада Шандор Ҟаитан.
Шәазыӡырҩы аудио.