Арадио

Кавказҭҵаара иазкыз аконференциа мҩаԥган Грозныи: алахәыла лыҿцәажәара

Sputnik
"Ҳаамҭазы аҭоурыхтә кавказҭҵаара: аҭагылазаашьа, апроблемақәа, аԥеиԥш" атемала Грозныи ақалақь аҿы имҩаԥысит Жәларбжьаратәи аконференциа. Уи Аԥснытәи иалахәын хҩык аҵарауаа. Дара ражәахәқәа зызкыз, аконференциа иалахәыз азҿлымҳара аадырԥшыма, насгьы иахьа Кавказ ареспубликақәа рҿы аҵарауаа иарбан зҵаарақәоу изызхьаԥшуа, иҭырҵаауа, Аԥсни ҳаешьаратә жәларқәеи еицаҳзеиԥшу ауадаҩрақәа арбану? Абарҭқәа дрылацәажәеит аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиа аҟәша аусзуҩы еиҳабы Асҭанда Ҳашԥҳа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.