Арадио

Ашыцҵлақәа ирҭагылазаашьоу Бзыԥ аҩхааҿы: абнахылаԥшҩы ицәажәара

Sputnik
Бзыԥҭеи Риҵеи рыбжьара изызыҳауа ашыцҵлақәа ааигәа ирхәышәтәит. Ашықәс аҩнуҵҟа шаҟантә ас еиԥш аусурақәа мҩаԥгалатәу, иахьа ирҭагылазаашьоу Бзыԥ аҩхааҿы иҟоу ашыцҵлақәа, рхылаԥшра шеиҿкаау еиҭеиҳәеит Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра абнахылаԥшҩы хада Ҭенгьыз Џьергьениа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.