Арадио

Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәшәтәырҭа аԥхын иазхиоуп: аусура аиҿкаашьа еилаҳкаауеит

Sputnik
Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәшәтәырҭа акурорттә аамҭахәҭа иазыхиоуп, аспециалистцәа рыла еиқәыршәоуп ҳәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба изеиҭеиҳәеит ахәшәтәырҭа аҳақьым хада Асҭамыр Гәниа. Акадрқәа рзымхара аныҟоу аамҭазы ас еиԥш иҟоу арбагақәа хымԥада гәахәароуп, уи инаҷыданы алҵшәа бзиа аазырԥшуа амедицинатә усбарҭа аусура шеиҿкаау, ирыдыркыло рхыԥхьаӡара ахьынӡанаӡо, насгьы Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәшәтәырҭаҿы иахьа иқәгылоу азҵаарақәеи аҵыхәтәантәи аамҭазы иӡбоу апроблемакәеи дрылацәажәеит аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Дамеи Занҭариа.
Шәазыӡырҩы аудио.