Аԥсны аефиртә хәшақәа ҭзыжьуаз ҩба - хԥа зауадқәа ыҟан асовет аамҭазы. Усҟан агеран, агәил, араҳана уҳәа ирылырхуан аалыҵ. Ари аус дырҩегь еиҭазыханҳәуп. Очамчыра араион Баслахә ақыҭан хәымыз раԥхьа аусура иаларган аефиртә хәшақәа ҭзыжьуа аилахәра "Анра". Аалыҵ аус шԥадырулои, адҵаалара абанӡамоу, насгьы амедицина, апорфиум, акосметологиа, мамзаргьы афатә аалыҵ аҟны рхы иадырхәома? Абарҭқәа дрылацәажәеит аефиртә хәша аилахәра "Анра" атехнолог Леон Қәҭелиа.
Шәазыӡырҩы аудиофаил.