Аԥсны

"Аԥсны" vs "Амкал": ахәмарра иреиӷьу амоментқәа

Sputnik
Амедиалига абыжьбатәи асезон аатит аҟәатәи астадион "Динамо" аҿы. Амедиалига абыжьбатәи асезон актәи ахәмарраҿы еиԥылеит "Аԥсни" "Амкали". Ахәмарра аамҭа хада 2:2 ҳәа ихыркәшан. Буллиталити асериаҟны пенальтии буллитамии еиҭнырыҧсахлон. Аҵыхәтәантәи буллити аҟны Ақсенти Чалигаа ампыл амба изҭамыршәӡеит, аиааиразы акәатала "игеит" Игор Сичкар.
Аҧсуа шьапылампыласцәа аҩнытәи ахәмаррақәа хҧеи, иара убас анҭыҵ х-еиндаҭлараки мҩаҧыргоит. Лаҵарамза 1 азы "Егриси" иацыхәмароит. Лаҵарамза 8 рзы — 2DROTS.
1 / 14

Амедиалига абыжьбатәи асезон аатит аҟәатәи астадион "Динамо" аҿы мшаԥымза 24 рзы.

2 / 14

Ашьапылампылтә дәы аҿы итәеит ихәмаруаз акомандақәа рхаҭарнакцәа аазгаз авертолиот,

3 / 14

Урҭ рнапаҿы иркын ашьапылампыласцәа злахәмарны иҟаз ампыл. "Аԥсны" амбассадор Ельвира Ҭодуаԥҳа.

4 / 14

"Аԥсни" "Амкали" ркомандақәа адәаҿы ианеиқәшәоз аамҭазы асалиут адәы арлашеит.

5 / 14

Ахәаԥшцәа рыла иҭәыз астадион аҟны иқәгылеит аԥсуа кәашаратә коллективқәа, Shiri-и Temo- и ашәа1хәаҩ BLIZKEY ицнарыгӡеит ахитқәа "Ашьхақәеи" "Азамаҭи".

6 / 14

Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәааи аҟәатәи астадион аҿы Амедиалига абыжьбатәи асезон аартра иаҭааит.

7 / 14

Ахәмарра актәи атаим 0:0 ҳәа ихыркәшан.

8 / 14

Ахәмарра аҩбатәи атаим аҟны "Аԥсны" ашьапылампыласҩы Ақсенти Чалигаа 33-тәи 36-тәи аминутқәа рзы урыстәылатәи акоманда амба ампыл ҭаиршәит.

9 / 14

"Амкал" аԥсуа шьапылампыласцәа рымба ампыл ҭанаршәит. Ахәмарра 2:1 ҳәа иацҵан. Ампыл ҭаиршәит Заурбек Кокаев.

10 / 14

Аԥснытәи акоманда ахәаԥшцәа адгылара ду рырҭон, атрибунақәа ҭәын.

11 / 14

Ақсенти Чалигаа - "Амкал" амба ампыл ҭазыршәыз.

12 / 14

Ахәмарра иазыԥҵәаз аамҭа хыркәшан 2:2 ҳәа.

13 / 14

Раԥхьа апенальти, анаҩс буллиталити асериа.

14 / 14

Буллиталити асериа аҟны Ақсенти Чалигаа ампыл амба изҭамыршәеит, аиааиразы акәатала "игеит" Игор Сичкар.