Арадио

Аԥсуа бызшәа арҵаҩцәа рфорум хыркәшоуп: алахәцәа рцәажәара

Sputnik
Аԥсуа бызшәа арҵаҩцәа рфорум хыркәшоуп. Уи иалахәын Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтәи 200-ҩык рҟынӡа арҵаҩцәа. Аусмҩаԥгатә алахәцәа хымш рыҩныҵаҟа рзанааҭтә ԥышәа еиздырҳауан, рус аҿыцрақәа алагаларазы рдыррақәа ирыцырҵон. Аԥышәа змоу арҵаҩцәеи, аметодистцәеи, аҵарауааи алекциақәа ирыԥхьон, аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргон. Афорум иацыз ахәарҭара, ирнаҭаз атәы аефир аҿы иалацәажәеит уи иалахәыз - Аҟәатәи актәи абжьаратә школ арҵаҩы Ельза Кәыҵниаԥҳаи Очамчыратәи аԥшьбатәи абжьаратә школ адиректор, арҵаҩы Лиалиа Папасқьырԥҳаи.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.