Арадио

Аҳәса рфорум мҩаԥган Аҟәа. Алахәыла лгәаанагара

Sputnik
Аҳәса наплакыҩцәа Жәларбжьаратәи рфорум "Аԥсны — 2026" мҩаԥысит Аԥсны. Ари афорум абизнес знапы алаку аҳәса инарҷыданы еиднакылеит аҟазара аусхк ахаҭарнакцәа, аҳақьымцәа, аҵарауаа уҳәа хыԥхьаӡара рацәала еиуеиԥшым асоциалтә рольқәа назыгӡо аҳәса. Аԥснытәи аҳәса рыдагьы афорум иалахәын Урыстәыла, Ермантәыла, Ҟазахсҭан, Беларусь, Ҭырқәтәыла, Аахыҵ Уаԥстәылантәи асасцәа.Еиҿкааз аусмҩапгатә аефир аҿы аихшьаалақәа ҟалҵеит Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.