Арадио

Аҵиаақәа ахәаҷақәа рҟынтә ахәшәтәра аус Гәдоуҭа: ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы ихҳәаа

Sputnik
Ааԥынра аԥсабара шаҵҿыхо аиԥш, иҿыхоит аҵиаақәа ԥырхага рызҭо еиуеиԥшым ахәаҷақәа. Аԥсны аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы еиҳарак ашәарҭара иҭагыло ҳәа иалкаау ашыцқәеи апальмаҵлақәеи роуп. Урҭ рганахьала имҩаԥысуа ахәшәтәрақәа ираамҭан излаҟоу ала ахәаҷамцаԥшьқәа рҟытә арҭ аҵлақәа реиқәырхара аус шԥеиҿкаау Гәдоуҭа арион аҿы еилаҳкаауеит. Ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Иура Кәараҵхьиа ҳиҿцәажәоит.
Шәазыӡырҩы аудио.