Ашколқәа рҭагылазаашьа аилкаара: Гәдоуҭа араион аҿы имҩаԥган агәаҭарақәа

Sputnik
Гәдоуҭа араион анапхгареи, аҵараҟәша аиҳаби аҭыԥантәи ашколқәа ирыгу – ирыбзоу агәаҭараз ирҭааит. Аҵарашықәса ахыркәшамҭазы, арҵара аусхк аиҿкаашьаз лкаақәас иҟарҵеи, изеиԥшрои аматериалтә-техникатә ҭагылазаашьа, уадаҩрақәас иазгәарҭеи, ус еиԥш иҟоу азҵаарақәа рырҽеиразы араион лшарақәас иамои, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион аҵараҟәша аиҳабы Адамыр Ҳаразиа.
Шәазыӡырҩы аподкаст.