Аԥсны аекономика аҿиара алыршаны афинанстә хьыԥшымрахь аиасразы ахықәкы нагӡашьас иамоу, иахьа уи азы аҳәынҭқарра иаднакыло ашьаҿақәа рзы игәаанагара иҳәеит аефир аҿы Ауаажәларратә палата алахәыла Низам Ҳапат.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Аԥсны 2026-2030 шықәсқәа рызтәи асоциал-економикатә ҿиара аҳәынҭқарратә программа анагӡара ацхрааразы Жәлар Реизара аиқәшаҳаҭра шьақәнырӷәӷәеит. Уи ала Урыстәыла хәыда-ԥсада Аԥсны афинанстә цхыраара анаҭоит. Иазоужьхо аԥарақәа абиуџьет аусзуҩцәа руалафахәқәа рышьҭыхра, абиуџьеттә инвестициақәа, аинфраструктура аҿиара, Аԥсны аинвестициатә усура аҳәынҭқарратә цхыраара иазыркыр ҟалоит.Апарламент аҟны иҟоу атәыла ахада ихаҭарнак Дмитри Шамба иажәақәа рыла, арҭ аԥарақәа ф-миллиардк мааҭ рҟынӡа аҳәынҭқарратә биуџьет иарбоуп. Урҭ рахьтә — 4,5 млрд мааҭ асоциал-економикатә ҿиаразы иазоужьхоит, 1,3 млрд мааҭ — абиуџьеттә инвестициақәа, 0,2 млрд мааҭ — аекономика аусхкқәа рыцхрааразы.