Амузыка ҿыц афестиваль "Ааԥын" мҩаԥысит Аԥсны. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны Афон ҿыц, Аҟәа имҩаԥган аконцертқәа, аҳҭнықалақь аҟны еиҿкаан ацәыргақәҵақәа, арҿиаратә хәылԥазы. Ауснагӡатә аиҿкааҩцәа ируаӡәку, Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар рмузыкатә рҳәагақәа аҳәынҭқарратә оркестр апродиусер Гәдиса Арухаа афестиваль аихшьаалақәа ҟаиҵеит аефир аҿы.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.