Арадио

Лаҵарамзазтәи аныҳәамшқәа раан Аԥсны аԥсшьара: аекскурсиамҩаԥгаҩ ихҳәаа

Sputnik
Лаҵарамзазтәи аныҳәамшқәа раан аԥсшьараз иалырхуа аҳәаанырцәтәи ахырхарҭақәа жәаба рыбжьара иҟоуп Аԥсны ҳәа аанацҳауеит АТОР. Ҵыҧх ареспублика иалкааз ахырхарҭақәа хәба рҟны иҟан, аха аҿаҵарақәа рхыҧхьаӡара лаҟәит ахырхарҭа ҿыц — Виетнам азҿлымҳара ахьаиуз иахҟьаны. Сынтәа аҭагылазаашьа зеиԥшроу, иаауа ирыдаҳгало, маитәи аныҳәақәа раан аԥсшьаҩы иаҳа дызҭаауа аҭыԥқәа 5 рсиаҿы иҟоу еиҭеиҳәеит аметодист, актәи акатегориа змоу аекскурсиамҩаԥгаҩ Форд Чычба.
Шәазыӡырҩы аудио.