Ԥақәашь Гьаргь Аиааирагаҩ иуахәама ашәқәа аатит: ақыҭа ахада ихаҭыԥуаҩ ихҳәаа

Sputnik
Ԥақәашь ақыҭан 11 ашә. иргылаз Ацқьа Ааӡабхгаҩ Гьаргь Аиааирагаҩ иуахәама шәышықәса инацны аус ауамызт, имҩаԥысуамызт анцәаимҵаныҳәара. Иахьа ари иԥшьоу аҭыԥ ҩаԥхьа ақырсиандинхаҵаҩцәа ашәқәа рзаанартит. Ԥақәашьаа ишԥарыдыркылеи ари ахҭыс, ишԥамҩаԥыси анцәаимҵаныҳәара, аԥсабара иабанӡаныри Гьаргь ацқьа иныха аусура шхацнаркуаз, абри атәы Ԥақәашь ақыҭа ахада ихаҭыԥуаҩ Баҭал Ҳашба иҿцәажәараҿы.
Шәазыӡырҩы аудио.