Аԥсуа дизаинерцәа рымаҭәа ӡырыргеит: амилаҭтә ҟазшьа зныԥшуа азҿлымҳара абанӡамоу

Sputnik
Аҟәа имҩаԥысит аԥсуа дизаинерцәа рымаҭәа адырбара. Иӡырган амилаҭтә цәамаҭәа ҳаамҭа иашьаршәаланы. Иара уаҟа аҭааҩцәа ашәҵатәы ахәаԥшра анаҩсангьы досу иргәаԥхаз аархәартә алшара рыман. Аԥсуа дизаинерцәа амилаҭтә ҟазшьа зныԥшуа рколлекциақәа аус шԥарыдырулои, шәҵатәык аԥҵара ус мариоума, аӡахҩы иабанӡалымоу адҵаалаҩцәа, избан изазхьаԥшлатәу амилаҭтә шәҵатәы, абри атәы адизаинер Мадина Смырԥҳа лыҿцәажәараҿы.
Шәазыӡырҩы аподкаст.