Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы игаз Аиааира сынтәа 81 шықәса ахыҵра азгәаҳҭоит. Уи аҽны маи 9 рзы имҩаԥгахоит акциа "Ԥсра зқәым архәҭа". Сынтәа ишԥеиҿкаахои, уи алахәхаразы иадҵаалахьоу рацәаҩума, иабанеитәу, аибашьцәа рфотосахьақәа шԥазырхиатәу, агәалашәара аиқәырхаразы ари акциа иарбан усу инанагӡо, абри атәы Аибашьратә фырхаҵара амузеи аиҳабы лыҿцәажәараҿы.
Шәазыӡырҩы аудио.